НОВОСТИ

Четверг, 01 июня 2023 14:08

Беслан Ешба ахәыҷқәа рымш рыдиныҳәалеит

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аҳҭнықалақь иқәынхо ахәыҷқәа жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рымш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Акыр иаҧсоу ҳхәыҷқәа! Ишәыдысныҳәалоит Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш!

Ҳара еснагь иаҳгәалашәоит иҳаду аҭакҧхықәрақәа - шәааӡараҿы, шәыхьчараҿы, шәыкәша-мыкәша аҭынч ҧсҭазаара шәзаҧҵаразы. Иаҳҭахуп ишәызҳаларц агәабзиара, агәалаҟазаара бзиа, анасыҧ  шәыманы.

Аиҳабацәа ирылшо зегь ҟарҵоит шәхы-шҿы еихаччо, иарбанзаалак ацәгьарақәа шәырҟәыгазарц.

Изызҳауа абиҧара ишәыдаҳкылоит ҳтәыла ҧхьаҟатәи аҧеиҧш. Уи азы аҵара шәҵарц азы алшарақәа шәзаҧаҳҵроуп. Шәара иаашәырҧшуеит ҳзыргәыӷьо аихьӡарақәа аҵараҿы, аҟазараҿы, аспорт аҿы. Анаҩсгьы ҳашшәылагәырӷьо убаратәы иҟоуп.

Ишәзеиӷьасшьоит шәҭаацәеи шәареи агәаабзиара, ашкол иҭоу зегьы аҧышәарақәа рҿы ақәҿиарақәеи илахҿыху аҧсшшьара мшқәеи.

Прочитано 1293 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки