НОВОСТИ

Суббота, 13 февраля 2021 23:02

Аҟәа Аиааира апроспект аҿы аҵлақәа рхырҿҿара иаҿуп

Феврал 8 инаркны Аҟәа Аиааира апроспект аҿы аҵлақәа рхырҿҿара иалагеит. 

Аусурақәа ирылагаанӡа ақалақь ахада Беслан Ешба Аҧсны аеколог хада дызлахәыз аилацәажәара мҩаҧигеит. Аҵлақәа анҧырҟо есымша ацәажәарақәа ахылҿиааауеит, џьоукы иргәаҧхом ишҧырҟо, џьоукы аҵлақәа зынӡа ихдырҿҿоит ҳәа иахәаҧшуеит.

Аҧсны аеколог хада Савели Ҷыҭанаа ишазгәеиҭаз еиҧш, екологиатә еилакы аусзуҩцәеи ақалақьтә усбарҭақәа русзуҩцәеи ақалақь иаӷаӡам, урҭ зегьы шәаны-изаны ауп рус ишазнеиуа.

Ақалақь абзазаразы аусбарҭа анџьныр Гоча Џьынџьал иҳәоит апроспект аҿы аҵлақәа рхырффараан атроллеибустә цәаҳәақәа иахьырҧырхагогьы ишахәаҧшуа.

Ақалақь аҿы ҵлак кьынаар, изықәнаго аусбарҭақәа уи ҭырҵаауеит, ашәарҭара ахылымҿиаарц азы. Иҟоуп икьынаау аҵлақәа, аха иангәарҭалак ирбоит, урҭ аҧҟара рҭаху ирҭахыму, иҟоуп икьынаазаргьы даҽа акыр шықәса ицаратәы иҟоу. Уажәтәи аусурақәа ирылагӡаны Аиааира апроспект аҿы игылоу ҩ-ҷандара ҵлак аҧҟара рықәшәоит, урҭ ргәыцә баахьеит.

 

Прочитано 1288 раз

Медиа

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки