Версия для печати
Пятница, 03 мая 2024 10:42

Авҭандил Сурманиӡеи ихы алаирхәит акурорттә қалақьқәа аԥхынтәи аамҭа аҽазыҟаҵара ишаҿу иазку арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡеи ихы алаирхәит Аԥсны акурорттә қалақьқәа аԥхынтәи аамҭа аҽазыҟаҵара ишаҿу иазку арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи".

Атуроператорцәа ишазгәарҭо ала, 2024 шықәсазы Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа 15-25 % еиҳахоит ҵыԥх аасҭа.

Атуристтә аамҭеи амшынҭалареи ишазыҟаҵоуи, аԥсшьаҩцәа ршәарҭадаразы еиҿкаауа ауснагӡатәқәеи, аԥсшьаҩцәа рыдкылара аиӷьтәразы имҩаԥго аусурақәеи уҳәа, абарҭ азҵаарақәа ирылацәажәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡеи, Ассоциациа "Аԥсуа гид" ахантәаҩы Омар Малиеи, Гәдоуҭа араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡбеи.

Инарҭбаау аиҿцәажәара арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҿы.

https://www.facebook.com/share/v/KR1gS6uRGcabQg9d/?mibextid=qi2Omg

Прочитано 801 раз