Версия для печати
Суббота, 23 декабря 2023 15:28

Аҧсны аинтеллигенциа реидгыла Беслан Ешба имшира идырныҳәалоит

Аҧсны аинтеллигенциа реидгыла алахәылацәа Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба имшира идырныҳәалоит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Ҳаҭыр зқу Беслан Фиодор-иҧа!

Ишәыдаҳныҳәалоит шәымш ира.

Иахьа шәнапы иану амаҵзура иаанарҧшит шәара шәдырра, шәҧышәа, шәҭакҧхықәра, шәықалақь ахь ишәымоу абзиабара.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақалақь аҿы имҩаҧгоу аусқәа рацәоуп. Еиҭашьақәыргылоу аобиектқәа рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп аҳҭны-қалақь инхо рзы еиҧш, Аҧсны ауаажәлар зегьы рзы акрызҵазкуа аҭыҧқәа.

Уи аус иахьагьы ацҵара шәаҿуп. Уи зегьы алыршахеит шәара напхгара ззыжәуа Аҟәа ақалақь администрациа аусура иабзоураны.

Шәымшира шәыдныҳәало, аҧхьаҟагьы ишәзеиӷьаҳшьоит ақәҿиарақәа, агәабзиара, шәнапы злаку аус аҿы аманшәалара.

Прочитано 918 раз