Версия для печати
Пятница, 14 апреля 2023 18:48

Аҟәатәи ашколқәа № 14, 4 ркомандақәа аиааира ргеит аматематика азы авикторинаҿы

Аматематика амчыбжь хыркәшо, Аҟәа ақалақь амуниципалтә усбарҭа "Аҵарадырра анапхгара" ауснагӡатәқәа инарықәыршәан имҩаҧысит авикторина алагарҭатә классқәа рҿы «Аматиматика лахҿых".

Авикторина хықәкыс иаман ахәыҷқәа аматематика агәыбылра дыркра, рлогикатә хәыцра арҭбаара, акомандатә хәмаррақәа рыларҵәара.

Уи иалахәын ашколқәа №3, № 4, № 5 , №6, №10, №13, № 14 аҧсуа сектор ахҧатәи акласс аҵаҩцәа.

Ашколтә командақәа зегьы қәҿиарала рхы аладырхәит.

Авикотрина аҟны балла аиааира ргеит ҩ-командак:

"Акәицқәа" - №14 абжьаратә школ;

"Аилыҷҷақәа" - №4 абжьаратә школ.

Прочитано 833 раз

Галерея изображений